Амиран Гамҟрелиӡе  -  Инормоу ҧсҭазаара ҳазыхынҳәырц азыҳәан, атәыла ауааҧсыра  60 наӡына авакцинациа иахысроуп
Амиран Гамҟрелиӡе  -  Инормоу ҧсҭазаара ҳазыхынҳәырц азыҳәан, атәыла ауааҧсыра  60 наӡына авакцинациа иахысроуп

 

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла  «Ковакс» аплатформа иаҵанакәа авакцина аиуеит.

Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу авакцина Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара азхаҵара амазаауеит.

Гамҟрелиӡе ишазгәеиҭаз ала, авакцинациа аплан инақәыршәаны, атәыла ауааҧсыра рҟынтә  60 наӡына авакцина рзыҟарҵоит.

«Қырҭтәыла  «Ковакс» аплатформа иаҵанакәа авакцина аиуеит.

Зыӡбахәы ҳәоу авакцина Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аҟынтә азхаҵара амазаауеит.   «Ковакс» иалахәы атәылақәа авакцина аиура ианалаго, атәыла цыҧхьаӡа есышықәса, етапла аиуеит аҳәара ззыҟарҵаз ахыҧхьаӡара аҟынтә  20 наӡына авакцина. Ҳара ҳҿы   700 нызқьҩык рзы авакцина иазҧхьагәаҭоуп, миллион  400 нызқь адозақәа ҳаураны ҳаҟоуп.  Атәылақәа зегьы  20 наӡына роуаанӡа, ҳара уаҳа ҳарҭом.  Еиқәҳаршәаз аплан инақәыршәаны, ҳуааҧсыра 60 наӡына авакцина рзыҟаҳҵоит. Ауааҧсыра ҳәа анысҳәо, 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа роуп сызлацәажәо. Атәылаҿы ауаажәларратә иммунитет иҟазарц азыҳәан,  60 наӡына ауааҧсыра авакцина рзыҟаҵатәуп, убасҟан ауп анормалтә ҧсҭазаара азыхынҳәра анҳалшо», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.

 

 

,