«Аминистр исааҭ» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  жьҭаара 6 рзы апарламент аҿы Леван Давиҭашвили изыӡырҩуеит, жьҭаара  7 рзы Жәлар рыхьчаҩ лышықәстәи аҳасабырба иалацәажәоит
 «Аминистр исааҭ» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  жьҭаара 6 рзы апарламент аҿы Леван Давиҭашвили изыӡырҩуеит, жьҭаара  7 рзы Жәлар рыхьчаҩ лышықәстәи аҳасабырба иалацәажәоит

 «Аминистр исааҭ» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  жьҭаара 6 рзы апарламент аҿы Леван Давиҭашвили изыӡырҩуеит, жьҭаара  7 рзы Жәлар рыхьчаҩ лышықәстәи аҳасабырба иалацәажәоит.

Абиуро аилатәараҿы ари атәы ааицҳаит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

«Ҳазнау амчыбжь азы апарламент аҿы дықәгылоит авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили. Аҧшьашазы  «Аминистр исааҭ» мҩаҧгахоит. Аханатә, аҧшьашазы Жәлар рыхьчаҩ лышықәстәи аҳасабырба ҳазыӡырҩыр акәын, аминистр ахәашазы дықәгылараны дыҟан, аха, иара аҳәара ҟаиҵеит, избанзар, ишыздыруа ала, азербаиџьантәи иколлега ивизит мҩаҧысуеит, ҳара аомбудсмен ҳлацәажәан, лықәгылара иаагеит. Аҧшьашазы  «Аминистр исааҭ» мҩаҧысуеит, аомбудсмен лыҳасабырба ҳазыӡырҩуеит ахәашазы, апленартә аилатәараҿы», — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.