«Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, аполитбаандаҩцәа абахҭа иахьынӡаҭаку аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иаҧсам

Аполитбаандаҩцәа абахҭа иахьынӡаҭаку аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иаҧсам  ҳәа сгәы иаанагоит, — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» алидерцәа иреиу Заал Удумашвили.

Қарҭ ақалақьтә аӡбара ала Ника Мелиа абаандаҩтәраҿы иааныжьра даналацәажәоз Удумашвили ишиҳәаз ала, атәыла анапхгара даҽазнык аадырҧшит акризис аҭыҧқәҵара ргәы ишҭам.

«Ақырҭуа гәахәтәы» акризис аҭыҧқәҵаразы ак ҟарҵарц ргәы иҭам.  Уи убарҭоуп иахьа Ника Мелиа иқәырҵаз азыӡба алагьы.   Аполитбаандаҩцәа абахҭа иахьынӡаҭаку аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иаҧсам  ҳәа сгәы иаанагоит.  Аиҧыларашҟа ҳнеиргьы, аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәра азҵаара мацара ҳалацәажәоит, абри азҵаара ӡбахаанӡа егьырҭ ахырхарҭақәа рыла ҧхьаҟа ҳазцом», — иҳәеит Удумашвили.