"Амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа Биӡина Иванишвили иҩны аԥхьа акциа мҩаԥыргеит
"Амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа Биӡина Иванишвили иҩны аԥхьа акциа мҩаԥыргеит

“Амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнакцәа Шеквеҭили, Биӡина Иванишвили иҩны аԥхьа акциа мҩаԥыргеит. Акциа алахәылацәа Михеил Саакашвили ихақәиҭтәра идҵаны иқәдыргылоит.

Акциаҿ еизаз ауааԥсыра атранспорантқәеи аҷыжьҷыжьқәеи рыман.

“Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Леван Хабеишвили ишааицҳаз, аҿагыларатә акциақәа еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы мҩаԥгахоит.

“Ачинҳаракҩцәеи Биӡина Иванишвилии ирдыруазароуп иҭынчу аполитикатә ԥсҭазаара шырзыԥшым. Иахьа аҭынчратә гәҽанҵарақәа ҳамоуп. Ари апротест аҵыхәтәаны аҳҭнықалақь агәҭашҟа ииасуеит, уи ашьҭахь ақырҭуа жәлар рҟынтә Биӡина Иванишвилии икримминалтә гәыԥи хьырхәрас ироуа иаабап. Ажәлар аӡбаҩцәа, аӡбара адкылаҩцәа роуп, Путин итҟәараҿ иҟоу Михеил Саакашвилии ҳтәылеи ихақәиҭхоит. Апротест змоу зегьы ҳрыҳәоит  – Шәдәылҵ, сареи “Амилаҭтә ҵысреи” аҳҭнықалақь аҿы амобилизациазы иаҭаху зегь ҟаҳҵоит“, – иҳәеит Хабеишвили.