Америкатә АИХ адыррақәа рыла, Џьо Баиден иадминистрациа  Киеви дареи аҧшыхәратә информациа аиҭныҧсахлара иазку аинструкциақәа дырмазеит
Америкатә АИХ адыррақәа рыла, Џьо Баиден иадминистрациа  Киеви дареи аҧшыхәратә информациа аиҭныҧсахлара иазку аинструкциақәа дырмазеит

Америка ахада Џьо Баиден иадминистрациа  Киеви дареи аҧшыхәратә информациа аиҭныҧсахлара иазку  аинструкциақәа дырмазеит. Аинструкциақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп Вашингтони Москвеи рыбжьара аибарххара аескалациа аҽацәыхьчара иазку ақәиҭымтәрақәа ҩба.

Ари атәы аанацҳаит The Washington Post.

«Вашингтон  Украинаҟа идәықәнаҵоит миллиардла адоллар рыхә абџьар, ари абџьар аиқәыҧхьаӡа аргама ицәырыргоит. Аха, Америка, ари аибашьраҿы Украина аиааира ианацхраауа, даҽа зҵаарак иадҳәаланы иаҳа ргәы рҽануп  –  уи урыстәылатәи арбџьармчқәа ирызку аинформациа ауп», – иануп аҭыжьымҭаҿы.

Америкатәи украинатәи аофициалтә хаҿқәа аҭыжьымҭа ишазаарыцҳаз ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа реиҭаҵра иазку аинформациа Украина ироуеит ареалтә аамҭа арежим аҿы.  Вашингтони Москвеи рыбжьара аибарххара аескалациа аҽацәыхьчара амзызла, америкатә администрациа аҧшыхәратә информациа аиҭныҧсахларазы анапхгага аус адырулеит.

Адокумент инақәыршәаны, Америка, зчин ҳараку урыстәылатәи офицарцәа  «рышьра иацхрааша» аинформациа аргама ицәырыргом. Араҟа Урыстәыла аштаб хада анапхгаҩы Валери Герасимови атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу роуп излацәажәо.  Аҭыжьымҭа ишану ала, Украина иҟоу урыстәылатәи аофицарцәа ари ақәиҭымтәра рыдкьыслом. Пентагон ахаҭарнак The Washington Post ишазаааицҳаз ала, Америка анапхгара урыстәылатәи аинралцәа иахьыҟоу аҭыҧ иазкны Киев аинформациа аҭатәым ҳәа ирыӡбеит.

Аҭыжьымҭа ажурналист иацәажәоз ахаҿы ишиҳәаз ала, адокумент инақәыршәаны, ари азҵаара Украина анҭыҵ иҟоу урыстәылатәи аобиектқәа ржәылараҿы Украина иацхрааша аинформациагьы иадкьыслоит. WP ахыҵхыҭақәа рдыррақәа рыла, ақәиҭымтәра шьақәдыргылеит «Америка, Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы Украина имҩаҧнагар зылшо аахарақәа ирылахәымзарц азыҳәан».

Уаанӡа америкатә АИХ ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла Амшын еиқәатәи флот иаҵанакәа акреисер  «Москва»  иаахеит украинатәи аган америкатә ҧшыхәра аҟынтә иаиуз аинформациа абзоурала.