Америка   "Украиназы  ленд-лиз иазку" азакәан амч аиуит
Америка   "Украиназы  ленд-лиз иазку" азакәан амч аиуит

Иахьа Америка   “Украиназы  ленд-лиз иазку” азакәан амч аиуит. Азакәан ала иазҧхьагәаҭоуп урыстәылатәи агрессиа аҿагыларазы Украина арратә цхыраара аҭара.

«Иахьа Америка   “Украиназы  ленд-лиз иазку” азакәан амч аиуит.  Украина иаҳа ирацәаны иаҳа еиҕьу абџьар аиуеит. Украина хымҧада ахатә ҵакырадагьылқәа зегьы архынҳәуеит», — иҳәеит Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы  Руслан Стефанчук.

2022 шықәса лаҵара 9 рзы Америка ахада Џьо Баиден Украиназы  ленд-лиз иазку азакәан инапы аҵаиҩит.  Украина иаиуа арратә техникеи аџьаҧҳани ахә ашәар алшоит Урыстәыла ианаиааилак ашьҭахь, мамзаргьы аибашьра ашьҭахь еиқәхаз атехника  дырхынҳәуеит.