Америка ацҳаражәҳәара  - Иахьа Заза Гахелаӡе изы ирыдыркылаз азыӡба даҽазнык аанарҧшуеит Урыстәыла Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи закәандарала ишырҧылаҧшуа
Америка ацҳаражәҳәара  - Иахьа Заза Гахелаӡе изы ирыдыркылаз азыӡба даҽазнык аанарҧшуеит Урыстәыла Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи закәандарала ишырҧылаҧшуа

«Иахьа Заза Гахелаӡе изы ирыдыркылаз азыӡба даҽазнык аанарҧшуеит Урыстәыла Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи закәандарала ишырҧылаҧшуа», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара аҳәамҭаҿы.

«Қарҭ иҟоу Америка ацҳаражәҳәара Заза Гахелаӡе 12 шықәсеи фымзи аҭакра иқәҵара афак иақәыӡбоит.

Иахьа Заза Гахелаӡе изы ирыдыркылаз азыӡба даҽазнык аанарҧшуеит Урыстәыла Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи закәандарала ишырҧылаҧшуа.

Урыстәыла ахымҩаҧгашьа  абарҭ арегионқәа ирықәынхо ауаа рыҧсҭазааразы шәарҭоуп, ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи еиларгоит, Қырҭтәыла атәылауаа зегьы ирзеиқәыршәоу алшарақәа рхархәараҿы ирҧырхагоуп.

Урыстәыла, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара аҧыхны, амца аанкылара иазку 2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭра нагӡаны, ахатә бџьармчқәа  ҧасатәи апозициақәа рахь ирхынҳәны, ауаа агуманитартә цхыраара ахархәара рылшаратәы аҭагылазаашьақәа рзеиқәнаршәароуп.

Ҳара Заза Гахелаӡеи иҭаацәареи, иара убас, Урыстәыла ампыҵахалара зхызго егьырҭ ауааҧсыреи  ҳрыдгылоит», —  иануп Америка ацҳаражәҳәара аҳәамҭаҿы.