Америка Аҧшыхәратә усбарҭа хада анапхгаҩы  -  Урыстәыла ахада Владимир Путин агәабзиара иадҳәаланы апроблемақәа шимоу зыршаҳаҭуа аҧшыхәратә дыррақәа иҟам
Америка Аҧшыхәратә усбарҭа хада анапхгаҩы  -  Урыстәыла ахада Владимир Путин агәабзиара иадҳәаланы апроблемақәа шимоу зыршаҳаҭуа аҧшыхәратә дыррақәа иҟам

«Урыстәыла ахада Владимир Путин агәабзиара иадҳәаланы апроблемақәа шимоу зыршаҳаҭуа аҧшыхәратә дыррақәа иҟам», —  иҳәеит Америка Аҧшыхәратә усбарҭа хада анапхгаҩы  Уилиам Бернс  ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Колорадо имҩаҧгаз афорум аҿы данықәгылоз.

АИХ аҿы аларҵәара роуит Урыстәыла ахада игәабзиара иазку ишьақәырҕәҕәам аинформациа. Ҭыжьымҭақәак ишырҩыз ала, Владимир Путин ачымазара хьанҭа имоуп. Аха,  Уилиам  Бернс ишиҳәаз ала, ари аинформациа зыршаҳаҭуа аҧшыхәратә дыррақәа иҟам.

«Ахада Путин игәабзиара иадҳәаланы ишьақәырҕәҕәам аинформациа  рацәоуп. Аха, ишаабо ала, иара игәы бзиоуп», — иҳәеит  Бернс.

Уилиам  Бернс  2005-2008 шықәсқәа рзы Москва Америка ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Иара ишиҳәо ала,  Путин «ахылаҧшреи, аршәареи, ашьоуреи  дазыразуп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы абри иҟазшьа иаҳа иҕәҕәахеит.

«Иара агәра ганы дыҟоуп  аурыс ҳәынҭқарра ҕәҕәа аиҭашьақәыргылара дшазку. Убри азыҳәан Урыстәыла агәылара иҟоу атәылақәа рҿы инырра азырҳатәуп ҳәа игәы иаанагоит. Аха, Украиназы ахылаҧшра зилымшар,  ари ахықәкы изынаигӡом. Путин иара ииҳәо зегьы агәра игоит. Хаҭалатәи аиҿцәажәарақәа раан изныкымкәа иҳәахьан Украина – ҳәынҭқаррам ҳәа. Аәҳынҭқарраҵәҟьа ахыхьчара алшоит ҳәа. Убасҵәҟьоуп украинаа ишыҟарҵаз», — иҳәеит  Аҧшыхәратә усбарҭа хада анапхгаҩы.