«Аҭаацәаратә ацқьареи аҭаацәа пату рықәҵареи амш инамаданы, 2024 шықәса лаҵара 17 аԥсшьара мшуп», — иануп Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара аҿы.
Адокумент инақәыршәаны, административтә органқәа ркомпетенциа аҳәаақәа ирҭагӡагны аԥсшьарамшқәа ирызкны аҿбара рхала ирыдыркылар рылшоит.
Адокумент инапы аҵаиҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.