Америка Аҳәынҭқарратә департамент  - Ҳара асанкциақәа ирыдҳәалоу апотенциалтә ауранагӡара ҳалацәажәом, аха абизнес агәҽанҵара аҭара наҳагӡоит асанкциақәа ирывсны Урыстәыла иацымхраарц
Америка Аҳәынҭқарратә департамент  - Ҳара асанкциақәа ирыдҳәалоу апотенциалтә ауранагӡара ҳалацәажәом, аха абизнес агәҽанҵара аҭара наҳагӡоит асанкциақәа ирывсны Урыстәыла иацымхраарц

Америка Аҳәынҭқарратә департамент  ишаанацҳаз ала, дара афизикатә хаҿқәа ма аилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәыргылара иазкны заанаҵы аҳәамҭа  ҟарҵом. Ари азгәаҭоуп Америка Аҳәынҭқарратә департамент  ахаҭарнак «Америка абжьы» иеиҭаз аилыркаарақәа рҿы.

Аҩырала иҟаҵаз аҭак аҿы адепартамент ахаҭарнак азгәеиҭеит:  «ишаҧу ала,  ҳара асанкциақәа ирыдҳәалоу апотенциалтә ауранагӡара ҳалацәажәом, аха абизнес агәҽанҵара аҭара наҳагӡоит асанкциақәа рывсраҿы Урыстәыла иацымхраарц», —  аанацҳаит  «Америка абжьы».

Урыстәыла иҟаз Америка ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ  Маикл Макфол уажәааны ишааицҳаз ала,  Қырҭтәылеи Беларуси Путин идҳәалоу ахаҿқәа асанкциақәа рзышьақәыргылара азҵаара иахәаҧшуеит: «Егьырҭ атәылақәа ртәылауаа асанкциақәа рзышьақәыргылара азҵаара ҳаламцәажәацт,  аха уажәы алацәажәара ҳалагоит. Лымкаала,  Қырҭтәылеи Беларуси ртәылауаа роуп ҳазлацәажәо. Макьана рыхьӡқәа сызшәаҳәом,  избанзар ари азҵааразы ҳаиқәшаҳаҭхароуп,  аха,  шәтәылаҿгьы Беларусьгьы Путин идгыло ауаа иҟоуп ҳәа сгәы иаанагои».