Алхратә комиссиа хада апартиақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит алхрақәа рҽалархәра иазку апроцедурақәа иаамҭаны имҩаҧыргарц
Алхратә комиссиа хада апартиақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит алхрақәа рҽалархәра иазку апроцедурақәа иаамҭаны имҩаҧыргарц

Алхратә комиссиа хада апартиақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит алхрақәа рҽалархәра  азин роурц азыҳәан, иашьашәалоу  апроцедурақәа иаамҭаны имҩаҧыргарц.

Ари атәы иануп Алхратә комиссиа хада аҳәамҭаҿы.

Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, аполитикатә аидҵарақәа рхаҭарнакцәа, алхратә номер роурц азыҳәан, ҧхынгәы  17 иахымгакәа, Алхратә комиссиа хада арзаҳал аларҵароуп.

„Амуниципалитет ахаҭарнакратә орган  – Сакребулои ахаланапхгаратә ақалақь ахадареи рахь алхрақәа мҩаҧгахоит  2025 шықәса жьҭаара 4 рзы.

Алхратә комиссиа хада алхрақәа рҽалархәра зҭаху апартиақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит алхрақәа рҽалархәра  азин роурц азыҳәан, иашьашәалоу  апроцедурақәа иаамҭаны имҩаҧыргарц.

Аполитикатә аидҵарақәа рхаҭарнакцәа, алхратә номер роурц азыҳәан, ҧхынгәы  17 иахымгакәа, Алхратә комиссиа хада арзаҳал аларҵароуп“, – иануп Алхратә комиссиа хада аҳәамҭаҿы.