Алматы  Казахстан ахада ирезиденциа абылра иаҿуп
Алматы  Казахстан ахада ирезиденциа абылра иаҿуп

 Алматы  Казахстан ахада ирезиденциа абылра иаҿуп. АИХ адыррақәа рыла, уаҟа ахысбжьы гон.

АИХ адыррақәа рыла, адемонстрантцәа ателееилахәыра  «Казахстан» мчыла аҩналара раҽазыркит.

Абџьартә дәқьанк аҿы ишырҳәаз ала, акциа алахәылацәа адәқьан рҽыҩнарыжьын,  еиуеиҧшым абџьар ргеит.

Атәыла ахада иусмҩаҧгарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, хара имгакәа Казахстан ахада ателеааҧхьара ҟаиҵоит.

Ажьырныҳәа 2 рзы Казахстан апротесттә акциақәа иалагеит. Аханатә, ауааҧсыра агаз ахә ацҵара иадҳәаланы апротест ҟарҵон, нас, атәыла анапхгара рамхреи ҧасатәи ахада Нурсултан Назарбаев аполитикантә ицареи иаҳәон.

Казахстан ахада иӡбарала, атәыла аиҳабыра рнапынҵақәа шьҭарҵеит.