Казахстан аақалақьк рҟынтә Баҭым ахырхарҭала ишиашоу авиареисқәа нагӡахоит
Казахстан аақалақьк рҟынтә Баҭым ахырхарҭала ишиашоу авиареисқәа нагӡахоит

Казахстантәи Ареспублика аақалақьк рҟынтә Баҭым ахырхарҭала ишиашоу авиареисқәа нагӡахоит. Рашәара 10 инаркны асезон ахыркәшаранҿа, SCAT ареисқәа Астана-Баҭым мчыбжьык ахь ҩынтә мҩаԥнагоит. Ари аанацҳаит Аҷаратәи Ареспублика Афинансқәеи аекономикеи рминистрра.

Аҷаратәи Ареспублика Афинансқәеи аекономикеи рминистрра аинформациа ала, 2022 шықәсазы жәларбжьаратәи аҭааҩцәа (2019 шықәса иаҿҳарԥшыр  – 1 330 861 авизит) , еиҭашьақәгылоуп 82% рыла, 2021 шықәса аҵкьыс азҳара +178% иаҟароуп.

Ԥхынҷкәые арбага  – Аҷара аҳәаа аинформациа мацарала (Сарԥи, апорт, аҳаирбаӷәаза), 2019 шықәса иаҿҳарԥшыр – азҳара  +124 иаҟароуп (209 569). 2021 шықәса иашьашәалоу арбага  +460% рыла иазҳаит.