Иаха Франциа  719ҩык аанкылан
Иаха Франциа  719ҩык аанкылан

Иаха Франциа, апротесттә акциақәа раан,  719ҩык аанкылан.  Ари аинформациа аланарҵәеит Франциа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Дара ринформациа инақәыршәаны, хәымш инагӡо апротеттстә акциақәа раан иблуп  600 амашьынақәеи  75 ахыбрақәеи. Марсель агәҭаны, аполициа, адемонстрантцәа реимырппаразы алаҕырӡ аазго агаз рхы иадырхәит.  Марсель ахада атәыла аиҳабыра дрыҳәеит ахәаахәҭратә центрқәеи абанкқәеи рыхьчаразы ақалақьахь иацҵаны арбџьармчқәа аарышьҭырц.

Франциа апротесттә акциақәа мҩаҧысуеит алозунгла «Аиашара  Нахель изы». Атәылаҿ апротест ду иалагеит парижтәи араион Нантер аҿы аполициа аусзуҩ   амҩатә пҟарақәа реилагаразы иааникылаз 17 шықәса зхыҵуаз арҧыз иааигәыдҵаны данишь ашьҭахь.