Акультуратә ҭынха ахьчаратә зонақәа рҿы азинда, мамзаргьы ззин иҟоу аҭагылазаашьақәа реилагарала аргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы  ахараҧса ацлар  ҟалап
Акультуратә ҭынха ахьчаратә зонақәа рҿы азинда, мамзаргьы ззин иҟоу аҭагылазаашьақәа реилагарала аргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы  ахараҧса ацлар  ҟалап

«Акультуратә ҭынха ахьчаратә зонақәа рҿы азинда, мамзаргьы ззин иҟоу аҭагылазаашьақәа реилагарала аргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы  ахараҧса ацҵара иазку азакәанпроект ихиаалоуп, адокумент ашьақәырҕәҕәаразы азакәанҧҵаратә органахь идәықәаҳҵоит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡеи аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, ақалақь ахадара аӡбарала,  2017 шықәса инаркны арегулиациақәеи ахараҧсеи цәгьахеит, избанзар, аҭоурыхтә баҟақәа рықәхрала ақалақь арҿиара ҟалом.

«Ус ишыҟоугьы, аргыларатә еилахәырақәа абарҭ асанкциақәа ирықәныҟәом, рыцҳарас иҟалаз, ҳара иахьагьы абри аҩыза азинеилагарақәа аабоит. Убри аҟынтә, ҳгәы ишаанаго ала, акультуратә ҭынха ахьчаратә зонақәа рҿы аргылараан арегулиациақәа реилагаразы асанкциақәа иаҳа ирҕәҕәатәуп.

Ҳара Қырҭтәыла апарламент аҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.  Ҳара акультуратә ҭынха ахьчаратә зонақәа рҿы азинда, мамзаргьы ззин иҟоу аҭагылазаашьақәа реилагарала аргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы  ахараҧса ацҵара иазку азакәанпроект  еиқәҳаршәеит, ари адокумент ашьақәырҕәҕәаразы апарламентахь идәықәаҳҵоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.