Актәи аканал амобилтә ацҵа ҿыц Mobile TV
Актәи аканал амобилтә ацҵа ҿыц Mobile TV

Актәи аканал амобилтә ацҵа ҿыц – адырраҭара астратегиа  Digital First хәҭак ауп.  Иахьа,   адырраҭара  «Дҕис Коди» аҿы, ацҵа  Mobile TV аӡыргара мҩаҧган.

Mobile TV  иалоуп Актәи аканал аҿы имҩаҧысуа аҵаратәи агәырҿыхаратәи программақәа  (Стоқс, Мастер-шеф, Асеанс, Аиқәырхаҧцәа, Акустика, Ранина, убас егьырҭгьы).  Иара убас, уаҟа ижәбар шәылшоит асааҭ 21:00 рзы аефир аҿы иҭыҵуа адырраҭара Моамбе анонси  «Ателешкол» архиви.

Адаҟьа хада аҿы ахархәаҩ ибоит  иалкаау авидеонҵамҭақәеи амш авидеои  —  абарҭ ашҭақәа хадырҭәаауеит ацҵа аус адызуло агәыҧ алахәылацәа.

Mobile TV шәҭел иҭажәгалар шәылшоит с App Store, иара убас,  Play Store ала.