Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 414 Қарҭ иаарҧшын, 107 – Имереҭи, 84 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла 
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 414 Қарҭ иаарҧшын, 107 – Имереҭи, 84 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла 

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 414 Қарҭ иаарҧшын, 107 – Имереҭи, 84 –  Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 18 331  атестқәа: 15 623 – антиген азы, PCR – 2 708.

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 4,76%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 10,19%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 6,61%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 1 640 550-ҩык, урҭ рҟынтә 1 594 924-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 16 630-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2 839 891 -ҩык, ҽнакала алаҵа рзыҟаҵоуп 1395-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз  872 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 414 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 61, Имереҭи  –  107, Қвемо Қарҭли  –  33,  Шида Қарҭли – 42, Гуриа  – 60, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  –  84, Кахеҭи – 61,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  – 21, Самцхе-Џьавахеҭи  – 9, Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 14.