Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 414 Қарҭ иаарҧшын, 107 – Имереҭи, 84 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 414 Қарҭ иаарҧшын, 107 – Имереҭи, 84 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 18 331 атестқәа: 15 623 – антиген азы, PCR – 2 708.
Аҵоура арбага: ҽнактәи – 4,76%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 10,19%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 6,61%.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 1 640 550-ҩык, урҭ рҟынтә 1 594 924-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 16 630-ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2 839 891 -ҩык, ҽнакала алаҵа рзыҟаҵоуп 1395-ҩык.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 872 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 414 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 61, Имереҭи – 107, Қвемо Қарҭли – 33, Шида Қарҭли – 42, Гуриа – 60, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла – 84, Кахеҭи – 61, Мцхеҭа – Мҭианеҭи – 21, Самцхе-Џьавахеҭи – 9, Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 14.