Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 160 Қарҭ иаарҧшын, 38 – Имереҭи, 27 - Гуриа 
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 160 Қарҭ иаарҧшын, 38 – Имереҭи, 27 - Гуриа 

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 160 Қарҭ иаарҧшын, 38 – Имереҭи, 27 – Гуриа. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 22329 атестқәа: 20058 – антиген азы, PCR – 2271.

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 1.53%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 1,36%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 1,18%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 1653460-ҩык, урҭ рҟынтә 1634474-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 16794-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2873980-ҩык, ҽнакала алаҵа рзыҟаҵоуп 992-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 342 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 160  Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 19, Имереҭи  – 38, Қвемо Қарҭли  –  22,  Шида Қарҭли –  26, Гуриа  – 27, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  – 20, Кахеҭи –  17,  Мцхеҭа-Мҭианеҭи – 4, Самцхе-Џьавахеҭи  – 1, Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 8.