Акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина  Pfizer Қырҭтәылаҟа иааргеит  [фото]
Акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина  Pfizer Қырҭтәылаҟа иааргеит  [фото]

Акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина  Pfizer Қырҭтәылаҟа иааргеит  [фото-видео]

Акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина  Pfizer Қырҭтәылаҟа иааргеит. Авакцина злааргаз аҳаирплан иаха Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы итәеит. Қырҭтәыла Американтә аиуит авакцина 30 000 адозақәа.

Амедперсонал инарываргыланы, алаҵа ҟарҵар рылшоит  65 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаагьы, дара  Astrazeneca-и Pfizer-и рыбжьара иаҳа еиҕьаршьуа авакцина алырхыр рылшоит.

Қарҭ авакцинациа мҩаҧыргоит 4 клиникак, иара убас, ари апроцесс амҩаҧгара  иазхиоуп Қәҭешьи Баҭыми иҟоу аклиниақәагьы.

Қырҭтәылаҟа авакцина Pfizer аагара иадҳәаланы, иахьа асааҭ 12:00 рзы, агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниеи Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡеи Агәабзиарахьчара аминистрраҿы апрессконференциа мҩаҧыргоит.