Аконгрессмен Викториа Спартц Џьо Баиден диҳәеит Зеленски иадминистрациа аиҳабы Андреи Ермак ихылаҧшра апроцедура иазку аинформациа цәыригарц
Аконгрессмен Викториа Спартц Џьо Баиден диҳәеит Зеленски иадминистрациа аиҳабы Андреи Ермак ихылаҧшра апроцедура иазку аинформациа цәыригарц

Аконгрессмен Викториа Спартц Америка ахада Џьо Баиден ашәҟәы изылҩын,   Украина ахада Зеленски иадминистрациа аиҳабы Андреи Ермак ихылаҧшра апроцедура иазку аинформациа цәыригарц диҳәеит.

Аконгрессмен ишазгәалҭаз ала, еиуеиҧшым амаҵзураҷыдақәа ринформациа ала,  Ермак Урыстәылаҟны аимадара шимоу азы агәҩара  иҟоуп.

Лара лгәаанагарала,   аларҵәара зауз ахарадҵара ашьақәырҕәҕәара ма мап ацәкра рылшарц азыҳәан, Конгресс, зыҧшра ҟамҵакәа Ермак изкны аинформациа аиуроуп.  Спартц лҳәамҭала,   Ермак акоррупциа аҿагылара ахырхарҭазы ихаҭыҧуаҩс дҟаиҵеит Олег Татаров.  Ашәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала,   2020 шықәсазы Татаров акоррупциа ихарарҵан,  иара изы ашьауҕаус хьацыркын,  анеҩс,  ари аус абжьааҧнытә прокурор ирҭан,  иадыркит.  Украина ҧасатәи ахада Виктор Ианукович ихаан Татаров амаҵзураҭыҧ ду ааникылон,  Евромаидан алахәылацәа ранкылара далахәын.

«Ахада Зеленски Мраҭашәареи ҳтәылеи рҟны аимадарақәа рышьақәыргылара данаҿу,  ҳара хымҧаада адырра иаҳҭароуп икәша-мыкәша иҟоу ауааҧсыра рыгәра шаҳамго.  Уи иҳуалуп ахақәиҭреи жәларбжьаратәи аиҿкаареи ирзықәҧо аукраин аруааи аукраин жәлари рҿаҧхьа», – илҩит  Спартц.

Аилкаа: Виктория Спартц  –  америкатә Конгресс аҿы раҧхьатәи аукраин ҧҳәысуп.