Аконгрессмен Џьо Уилсон, Қырҭтәыла иадҳәаланы, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҭыҧаз акандидат Марко Рубиоси амилаҭтә шәарҭадара абжьагаҩ иҭыҧаз акандидат Маикл Уолци рахь ааҧхьара ҟаиҵеит
Аконгрессмен Џьо Уилсон, Қырҭтәыла иадҳәаланы, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҭыҧаз акандидат Марко Рубиоси амилаҭтә шәарҭадара абжьагаҩ иҭыҧаз акандидат Маикл Уолци рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.
„Абарҭ аконкреттә ҭыҧқәа рзы кандидатцәас шәықәыргылара шәыдысныҳәалоит. Акыршықәса рыҩныҵҟа қәҿиарала ҳусеицуразы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҳара Кавкази Қырҭтәылеи рызҵаарақәа рзгьыы аус еицаауан. Америка аинтересқәа рыхьчара аганахьала арҭ аимадарақәа хәы рымам.
Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәыргылара зҵакы дуу шьаҿоуп де-факто ақырҭуа еиҳабыра ауаа ржьаразы рхы иадырхәо анаратив аҧыхразы. Дара Китаи, Ирани, Урыстәылеи, ирыхәаша аполитика мҩаҧыргоит, ахада Трамп ари аполитика дазыразхоит ҳәа ргәы иаанагоит. Асанкциақәа хықәкыс ирымоуп абри арежим иацхраауа аекономикатә система – акоррупциатә ааглыхырҭақәа раҳа аҧыхра, избанзар уи Иванишвилии иҭаацәареи мацара ракәымкәа, иара изааигәоу ауааҧсыра зегьы абеиара рзаанагоит. Абри акоррупциатә аҳа аҧыхра Қырҭтәыла адемократиеи асуверинитети аиҭашьақәыргыларазы зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп. Конгресс, ари азҵаара иадҳәаланы, Аҳәынҭқарратә департамент аҟны активла аусеицура иалагахьеит.
Шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит администрациа ҿыц аҿы шәмаҵзураҭыҧқәа анаанышәкылалак, Қырҭтәыла асанкциақәа азышьақәыргыларазы Америка азинтә механизмқәа активла шәхы иашәырхәарц. Иара убас, шара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит Иванишвили иҭаацәара алахәылацәагьы асанкциақәа рзышьақәшәыргыларц. Абарҭ аоперациақәа рыбзоурала, адемократиа ахьчареи адунеи зехьынџьара ихәарҭам анырра аҿагылареи иазку иаҳзеиҧшу ахықәкы анагӡаразы даҽа шьаҿак ҟаҳҵар ҳалшоит. Абри азҵаареи егьырҭ зҵакы дуу азҵаарақәеи рзы шәара шәҟны аусеицура ҳахыццакуеит“, – иануп Џьо Уилсон иҟаиҵаз ааҧхьараҿы.