Америкатә конгрессмен Џьо Уилсон «Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҩызцәа» ахьӡала даҽа ҳәамҭак алаирҵәеит.
Аконгрессмен иажәақәа рыла, америкатәи европатәи азакәанҧҵаҩцәа зхы иақәиҭу адемократиатә аиҳабырақәа рахь ааҧхьара ҟарҵоит Қырҭтәылаҿ зхы иақәиҭу адемиократиатә алхрақәа рымҩаҧгара иаҳәарц, Иванишвили изакәандаратә режим мап ацәыркырц.
Аҳәамҭа знапы аҵазҩыз ахаҿқәа адемократиатә аиҳабырақәа ирыҳәоит Иванишвили изакәандаратә режим аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара иақәшаҳаҭхаанӡа, ари арежим ахаҭарнакцәа ирҧымларц.
Иара убас, дара адемократиатә аиҳабырақәа рахь ааҧхьара ҟарҵоит Иванишвили ирежими, апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәеи апропагандистцәеи асанкциақәа рзышьақәдыргыларц, избанзар, дара ражәақәа рыла, урҭ Қырҭтәыла адемократиеи асуверинитети иаҧырхагоуп.
«Иванишвили ипартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҵыхәтәантәи алхрақәа ирыдҳәаланы аоппозициеи жәларбжьаратәи анаҧшцәеи ргәамҵра иатәарбом, партиак злоу апарламент еиҿкааны, ганкала ахада ҿыц далырхит. Ақырҭуа жәлар зхы иақәиҭу адемократиатә алхрақәа рымҩаҧгара иаҳәоит, ҳара урҭ ҳрыдгылароуп», — иануп аҳәамҭаҿы.
Аконгрессмен Џьо Уилсон иҳәамҭа рнапы аҵарҩит 43ҩык.