Аҭыжьымҭа The Hill аҿы икьыҧхьуп астатиа: «Техасстәи анефҭ еилахәыра анапхгаҩы Қырҭтәыла асанкциақәа азышьақәыргылара иазку азакәанпроект адкылара даҿагылоит».
Астатиа ишану ала, америкатә аенергетикатә еилахәыра ашьаҭакҩи агенералтә директори Стив Никандрос Ареспубликатә партиа аҟынтә аконгрессменцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит азакәан «MEGOBARI Act» адкылара иақәшаҳаҭымхарц.
The Hill адыррақәа рыла, ажьырныҳәа 19 рзы Никандрос конгрессмент изиҩыз ашәҟәы ишану ала, иара анапхгара ззиуа аилахәыра, анеҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟа 100 миллион адоллар Қырҭтәыла алаҵара агәы иҭоуп. Никандрос иажәақәа рыла, «MEGOBARI Act»-и уи еиҧшу егьырҭ азакәанпроектқәеи Қырҭтәыла иҟоу америкатә бизнес азарал азааргоит.
Иара убас, The Hill аҿы ишазгәаҭоу ала, 2020 шықәсазы Никандрос иеилахәыра Frontera Қарҭ абизнес иадҳәалоу аимак аман, аилахәыра анапхагара ишырҳәаз ала, дара Қырҭтәыла иаларҵеит 500 миллион адоллар. Ари аилахәыра алоббисттә маҵзуразы 1 миллион адоллар иныхны, зыӡбахәы ҳәоу ашықәс ҧхынгәы азы Frontera Қырҭтәыла аусура анагӡара азин аиуит.
«Сара ишьаҭаскыз аилахәыра ҩажәеижәаба шықәса ирылагӡаны Қырҭтәыла аенергетикатә сектор аинвестициа дуқәа аланаҵон», — иҩит Никандрос ашәҟәы аҟны. Уаанӡа иара жәларбжьаратәи аусқәа рзы акомитет ареспубликатә алахәылацәа ашәҟәы рзиҩын, «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра рызхаҵара аҟәыҵра иазку азакәанпроект аҿагыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
The Hill аҿы ишазгәаҭоу ала, зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроекти, иара убас, «MEGOBARI Act»-и аҧара рзоуишьҭит аконгрессмент Џьо Уилсон, иара уаанӡагьы Никандрос иоуранагӡара дшаргәамҵуаз иҳәахьан.
Иара убас, The Hill ишану ала, «ахада Дональд Трамп ҧасатәи ахада Џьо Баиден „Ақырҭуа гәахәтәы“ алахәылацәа дырҿагыланы иҟаиҵаз шьаҿакгьы аҧыримхит. Арҭ ашьаҿақәа рыла иазҧхьагәаҭан апротестқәа рылахәылацәа рзы амч ахархәара зхараз ачынуаа асанкциақәа рзышьақәыргылара.
Ҳазну амчыбжь азы The Hill ахь идәықәҵаз ашҟәы аҟны Уилсон «MEGOBARI Act» ибзианы дахцәажәан, ишиҳәаз ала, уи Аахыҵ Кавказаҿ Трамп иҽазышәақәа рырҕәҕәара иацхраауеит, жәларбжьаратәи аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи иазку «Трамп имаршрутгьы» уахь иналаҵаны.
« „Ақырҭуа гәахәтәы“ аиҳабыра Америка иаҿагыло рхымҩаҧгашьа рыҧсахыр, убасҟан мацароуп Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аҭынчреи, Трамп имаршрут ақәҿиареи, Абжьаратә корридораҿ Китаии, Ирани, Урыстәылеи рылахәызаара аҧыхреи алшара аныҟало», — иҳәеит Уилсон.