Акаки  Минашвили – Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара уадаҩуп
Акаки  Минашвили – Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара уадаҩуп

«Амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Акаки  Минашвили иҳәамҭала, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара уадаҩуп.

Иара иажәақәа рыла,  уажәазы акоуп ихадоу  — атәылаҿы изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгаразы активтә ауранагӡареи иаку апозициеи.

«Акзаара аҵакы ду амоуп. Шарль Мишель еиҿикааз аиҿцәажәарақәа ирхылҵыз аабоит. Дара ақырҭуа жәлар мацара ракәымкәа,  европатәии америкатәии ҳпартниорцәагьы  ржьеит.  Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара уадаҩуп. Уажәазы акоуп ихадоу  — атәылаҿы изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгаразы активтә ауранагӡареи иаку апозициеи», — иҳәеит Акаки Минашвили.

Ишыжәдыруа ала, иахьа апартиа  «Лело» алидерцәа  атәыла анапхгара ирыдаргалеит зыҧшра ҟамҵакәа адиалог алагара.