Акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш инамаданы, Актәи аканал аменеџьмент иҳәынҭқааратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ирԥылеит
Акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш инамаданы, Актәи аканал аменеџьмент иҳәынҭқааратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ирԥылеит

Лақара 3 рзы Акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш иазгәарҭоит. Ари аҽны, ауаажәларратә дырраҭара “Аԥштәырацәа Қырҭтәыла” ԥшьышықәса ахыҵит. Ари инамаданы, Актәи аканал аменеџьмент иҳәынҭқааратәым аиҿкаарақәеит рхаҭарнакцәа ирԥылеит.

Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили лажәақәа рыла, ауаажәларратә дырраҭара хәынаӡарақәа иреиуоуп аҳасабырбара. Берӡенишвили ишаалыцҳаз, ателехәаԥшраҿ лассы-лассы мҩаԥысуеит еиуеиԥшым агәыԥқәа рҟны аиԥыларақәа.

Қырҭтәыла Актәи аканал ажәабжь ҿыцәеи ахҭысқәеи рдиректор Гьаргь Гвимраӡе ишазгәеиҭаз, ауаажәларратә дырраҭара апроект “Аԥштәырацәа Қырҭтәыла” атәылеи ауаажәлареи рырҿиара аус аҿы алагала дууп.

Ауаажәларратә дырраҭара ахаҭарнакцәа аиԥылара алахәылацәа рызцәырыргеит апроект “Аԥштәырацәа Қырҭтәыла” иахьатәи аусзуреи наҟ-наҟтәи апланқәеи. Аиԥылара адискуссиа арежим аҿы мҩаԥган.