Аихқәа ишаарыцҳаз, Нато Урыстәыла атомтә абџьар аԥышәаразы аҽазыҟаҵара арбагақәа абаӡом, аха аҭагылазаашьа иклкааны иацклаԥшуеит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Нато Урыстәыла атомтә абџьар аԥышәаразы аҽазыҟаҵара арбагақәа абаӡом, аха аҭагылазаашьа иклкааны иацклаԥшуеит

Нато Урыстәыла атомтә абџьар аԥышәаразы аҽазыҟаҵара арбагақәа абаӡом, аха аҭагылазаашьа иклкааны иацклаԥшуеит, – “Роитер” ари  аанацҳауеит алианс ахаҭарнак иҳәамҭа ҵаҵӷәыс аҭаны.

“Урыстәыла атомтә мчқәа рҿы аԥсахрақәа ҟалеит ҳәа ҳамбаӡеит, аха Нато-и алианс алахәылацәеи аҭагылазаашьа икылкааны иацклаԥшуеит”, – иҳәеит Нато ахаҭарнак.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аихқәа рҿы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Урыстәыла атомтә бџьар аԥышәаразы аҽазыҟаҵарақәа иалагоит. Италиатәи акьыԥхь “Ле република” аинформациала, Нато аԥшыхәратә маҵзура адгылаҩцәа агәҽанҵара рнаҭоит Урыстәыла апилот дызмам аҿаҵантәи аппарат “Посеидон” аԥышәазы аҽазыҟаҵара иаҿуп ҳәа.