Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Еммануель Макрон Франциа идуӡӡоу аполитикатә партиақәа рлидерцәа Украина адгылара азҵаара иазкны драцәажәеит
Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Еммануель Макрон Франциа идуӡӡоу аполитикатә партиақәа рлидерцәа Украина адгылара азҵаара иазкны драцәажәеит

Еммануель Макрон Франциа идуӡӡоу аполитикатә партиақәа рлидерцәа Украина адгылара азҵаара иазкны драцәажәеит.

“Гардиан” аинформациала, иҳаҩсыз амчыбжь азы Макрон иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украинашҟа мраҭашәаратә ашьаҟар дәықәырҵар, ари Европаҿ арезонанс ду ахылҵуеит. Франциа аоппозициатә партиақәа рлидерцәа Макрон ари иҳәамҭа иаҿагылеит. Ари иахәамԥшыкәа Макрон иажәақәа рыла, Украинашҟа арратә маҵзуҩцәа рышьҭра ихымԥадоуп.

Иахьатәи аиԥылараҿ Макрон франциатәи аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа Париж иҳаҩсыз амчыбжь азы имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аконференциа алҵшәақәа рыдигалеит, аконференциҿ Украина ацхыраара азҵаарақәа ирыхәаԥшит.

Аоппозициаа рлидерцәа рҟны аиԥыларанӡа, Макрон Франциа ԥасатәи ахадацәа Франуса Оланди Никола Саркозии дырԥылеит.