Еммануель Макрон – НАТО Украинеи Қырҭтәылеи рыхьчарада аперспектива рыднагалеит,  убри амшала Урыстәыла абарҭ атәылақәа ирҿагылеит
Еммануель Макрон – НАТО Украинеи Қырҭтәылеи рыхьчарада аперспектива рыднагалеит,  убри амшала Урыстәыла абарҭ атәылақәа ирҿагылеит

«15 шықәса ҵуеит Урыстәыла Европа ашәарҭадара арбгареи ахатә ҭагылазаашьақәа рыла уи аҧсахреи азы иалшо зегьы ҟанаҵоижьҭеи. Абарҭ аетапқәа ибзианы иаадыруеит. 2008 шықәсазы Қырҭтәыла аибашьра ҟалеит,  анеҩс,  2014 шықәсазы Украина иҟалаз ахҭысқәа аадыруеит,  нас,  2022 шықәсазы еиҭах аибашьра», — иҳәеит  Франциа ахада Еммануель Макрон Братислава имҩаҧысуа Аглобалтә шәарҭадара афорумаҿ.

Макрон ишиҳәаз ала,  Украина имҩаҧысуа аибашьра  — европатәи акзаара аҧыхра иазку Урыстәыла аҵыхәтәантәи аҽазкроуп. Аха,  Макрон ишазгәеиҭаз ала,  НАТО Украинеи Қырҭтәылеи рыхьчарада аперспектива рыднагалеит,  убри амшала Урыстәыла абарҭ атәылақәа ирҿагылеит.

«Ақәҵатә дууп, избанзар абри аибашьра ҳҳәаақәа рҿы имҩаҧысуеит.  Украина имҩаҧысуа аибашьра  — европатәи акзаара аҧыхра иазку Урыстәыла аҵыхәтәантәи аҽазкроуп.  15 шықәса ҵуеит Урыстәыла Европа ашәарҭадара арбгареи ахатә ҭагылазаашьақәа рыла уи аҧсахреи азы иалшо зегьы ҟанаҵоижьҭеи. Абарҭ аетапқәа ибзианы иаадыруеит. 2008 шықәсазы Қырҭтәыла аибашьра ҟалеит,  анеҩс,  2014 шықәсазы Украина иҟалаз ахҭысқәа аадыруеит,  нас,  2022 шықәсазы аибашьра. Аибашьра иалагаанӡа Урыстәыла иқәнаргылаз аҳәареи аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа ирнызи ҳзақәшаҳаҭхомызт.  Арҭ аҧхықәрақәа рынагӡара ҟаломызт.  НАТО Украинеи Қырҭтәылеи рыхьчарада аперспектива рыднагалеит,  убри амшала Урыстәыла абарҭ атәылақәа ирҿагылеит.  Атәыла цыҧхьаӡа адгылаҩцәа ралхра азин амазароуп. Адемократиеи ахақәиҭреи алзхо атәыла ахаангьы агәыла изы шәарҭам», — иҳәеит Еммануель Макрон.