АИХ адыррқәа рыла, Британиа Ду Украинаҟа идәықәнаҵеит аотриадҷыда арҟәыҵа, 100ҩык иреиҳаны аруаа
АИХ адыррқәа рыла, Британиа Ду Украинаҟа идәықәнаҵеит аотриадҷыда арҟәыҵа, 100ҩык иреиҳаны аруаа

Британиа Ду, арратә абжьагаҩцәеи украинатәи аруаа разыҟаҵаҩцәеи раҳасабала  Украинаҟа идәықәнаҵеит аотриадҷыда арҟәыҵа, 100ҩык иреиҳаны аруаа.

Британиатәи аҭыжьымҭа  Mirror адыррақәа рыла, Лондон ари аӡбара рыдыркылеит Урыстәыла ала Украина ажәылара апотенциалтә шәарҭара амшала.

Ари аҭагылазаашьа иалацәажәеит Британи Ду аҧыза-министр Борис Џьонсони Франциа ахада Еммануель Макрони.

Аиҿцәажәарақәа раан аганқәа рхаҭарнакцәа ишырыӡбаз ала, Алианс мрагыларатәи афланг Урыстәыла агрессиа аҟынтә ахьчазароуп.