АИХ адыррақәа рыла,  НАТО арбџьармчқәа  Румынтәылеи, Словакиеи,  Болгариеи идыргылоит
АИХ адыррақәа рыла,  НАТО арбџьармчқәа  Румынтәылеи, Словакиеи,  Болгариеи идыргылоит

НАТО мрагыларатә фланг аҿы ахатә контингент арҭбаауеит. Ааҧынразы Аҩадаатлантикатә алианс арбџьармчқәа дыргылоит Румынтәылеи, Словакиеи, Болгариеи.

Ари атәы аарыцҳаит германтәылатәи АИХ.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, ари аӡбара шьақәырҕәҕәазароуп жәабран 16 рзы имҩаҧысуа НАТО аминистериал аҿы.

Алианс аҿы ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа рҿы иацҵаны арбџьармчқәа дыргылоит Урыстәыла ауранагӡара иаҭакны. Ишдыруа ала, уажәазы Украина аҳәаа инаваршәны  100 нызқьҩык аурыс арратә маҵзуҩцәа гылоуп.

НАТО анапхгара егьырҭ европатәи атәылақәа рҿгьы аконтингентқәа рхыҧхьаӡара аиҭахәаҧшра ргәы иҭоуп. Иахьазы НАТО арбџьармчқәа Балтиа атәылақәеи Польшеи мацара игылоуп.