АИХ адыррақәа рыла, Болгариа аус адыруит Азербаиџьанынтә аҧсабаратә газла атәыла еиқәзыршәо агазмҩангага ҿыц  IGB
АИХ адыррақәа рыла, Болгариа аус адыруит Азербаиџьанынтә аҧсабаратә газла атәыла еиқәзыршәо агазмҩангага ҿыц  IGB

АИХ адыррақәа рыла, Болгариа аус адыруит Азербаиџьанынтә аҧсабаратә газла атәыла еиқәзыршәо агазмҩангага ҿыц  IGB. Иацы имҩаҧгаз аартра ацеремониаҿы Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен агазмҩангага ҿыц  аус арура афакт дахцәажәеит Болгариеи Алада-Мрагыларатә Европеи рзы аера ҿыц алагара ҳасабала.

АИХ адыррала, агазмҩангага ҿыц ала Азербаиџьанынтә аҧсабара газ Бырзентәылеи Болгариеи инаргоит, уаантәи ари агаз роуеит Сербиеи, Аҩадатәи Македониеи, Румынтәылеи, Венгриеи. Агазмҩангага ҿыц ала Болгариа есышықәса миллиард кубометр аҧсабаратә газ аиуеит.