Болгариа аҧыза-министр  Росен Железков амассатә протестқәа рымшала инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Болгариа аҧыза-министр  Росен Железков амассатә протестқәа рымшала инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Болгариа аҧыза-министр  Росен Железков амассатә протестқәа рымшала инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Иахьа Болгариа апарламентаҿ, аоппозициаа ринициативала, аиҳабыра агәрамгара рзаарҧшразы абжьыҭира мҩаҧыргар акәын, аха, абжьыҭира иалагаанӡа, аҧыза-министр инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

«Ҳара ауааҧсыра аиҳабыра ирҿагыланы имҩаҧырго апротестқәа ҳбоит. Ауаа рыҳәара наҳагӡароуп, аиҳабыра рнапынҵақәа шьҭарҵароуп. Аҿаргьы зықәра неихьоугьы, рызынтәгьы аиҳабыра рамхра иаҳәон, абри атәылауаҩратә енергиа адгылара амазароуп», — иҳәеит  Железков.

Болгариа амассатә протестқәа иалагеит  2026 шықәсатәи абиуџьет амшала, атәыла абиуџьет ҿыц ала ашәахтәқәа реизырҳара иазҧхьагәаҭан. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь, аиҳабыра апроект дырхынҳәит, аха, уезгьы, Болгариа адемонстрациақәа инагӡон. Урҭ рылахәылацәа атәыла аиҳабыра рамхра иаҳәон. Атәылауаа аиҳабыра акоррупциа рхарарҵоит.