Илиа Дарчиашвили визитла Болгариа дыҟоуп
Илиа Дарчиашвили визитла Болгариа дыҟоуп

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили визитла Болгариа дыҟоуп. Ари атәы аанаыцҳаит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура.

Дарчиашвили Болгариатә ареспублика вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мариа Габриел лҟны ишиашоу аиԥылара мҩаԥигоит, уи ащьҭахь имҩаԥысуеит аиԥылара ирҭбау аформат аҿы. Аиԥылара ашьҭахь аминистрцәа аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ра аинформациала, аиԥылараҿ Қырҭҭәылеи Болгариеи ирыбжьоу аусеицура арҵаулара аперспектива иазааҭгылоит.

Иара убас ирыхцәажәоит Еврокомиссиа 12 абжьгарақәа рынагӡара аганахьала Қырҭҭәыла амоу апрогресси, Евроеидгыла акандидат статус аиура аус аҿы апартниор тәылақәа рыдгылара аҵаки.

Иахьа Илиа Дарчиашвили Софиатәи атехнологиатә институт даҭаауеит.