Аиустициа аминистрра – Страсбургтәи аӡбарҭа ишьақәнарҕәҕәеит Ника Мелиа иаанкылареи ибаандаҩтәреи закәанла ишыҟалаз, Европатәи аконвенциа ишашьашәалаз
Аиустициа аминистрра – Страсбургтәи аӡбарҭа ишьақәнарҕәҕәеит Ника Мелиа иаанкылареи ибаандаҩтәреи закәанла ишыҟалаз, Европатәи аконвенциа ишашьашәалаз

Иахьатәи ақәҵарала  Страсбургтәи аӡбарҭа ишьақәнарҕәҕәеит Ника Мелиа иаанкылареи ибаандаҩтәреи закәанла ишыҟалаз, Европатәи аконвенциа ишашьашәалаз.

Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, Страсбургтәи аӡбарҭа ишьақәнарҕәҕәеит Ника Мелиа ибаандаҩтәра аполитикатә ашьаҭа шамамыз.

«Ажәлар ишырдыруа еиҧш,   2019 шықәса рашәарамзазы имҩаҧысуаз амитинг аан, Ника Мелиа илахәызаареи инапхгареи ала, амитинг алахәылацәақәак апарламент ахыбра мчыла аҩналара рҽазыркит.  Убри аҟынтә,  иара гәыҧҩык рыла амчылара аиҿкаареи анапхгараҭареи алахәызаареи азы  ахара идырҵеит, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала  30 000 лари ашас иршәаны,  аӡбарҭа ақәҵара ашьаҭала, иара изы аелектронтә ацклаҧшра шьақәыргылан.

2020 шықәса абҵара 1 азы имҩаҧысуаз амитинг аҿы  Ника Мелиа, апротест ҟаҵаны, аелектронтә ацклаҧшра анапхаҵа инапы иамхны, ашас ашәарала ихақәиҭтәра аҭагылазаашьақәа еилеигеит.  Убри аҟынтә, Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа  ашас азнарҳаит  40 000 лари аҟынӡа. Ника Мелиа ашас ашәаразы мап икит, убри аҟынтә, аӡбарҭа, ихақәиҭра аҧкразы ақәҵара аднакылеит. Ашас ашәара ашьҭахь, 2021 шықәса лаҵара  10 рзы Ника Мелиа доурыжьҭит», — иануп Аиустициа аминистрра аинформациаҿы.