Аиҳабыра реилатараҿ аиҳабыра алахәылацәа 16 зҵаара ирыхәаҧшит
Аиҳабыра реилатараҿ аиҳабыра алахәылацәа 16 зҵаара ирыхәаҧшит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аилатәараҿы аиҳабыра алахәылацәа 16 зҵаара ирыхәаҧшит. Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун Аекономика аминистрра ицәырнагаз азҵаара, уи ашьаҭала, 500 инареиҳаны ихҵәоу аҭаацәарақәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анхарҭақәеи, ацхыраагӡатә аҵакырақәеи, ақыҭанхамҩатә адгьылҭыҧқәеи рырҭоит.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, ахҵәацәа иахәҭоу анхарҭатә ҭагылазашьақәа рзеиқәыршәара аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп, убри аҟынтә, ари апроцесс активла инагӡахоит. Иара убас, аилатәараҿы иазааҭгылеит Афинансқәа рминистрра ицәырнагаз ақәҵара апроект, уи инақәыршәаны,  2 еилахәырак жәларбжьаратәи аилахәыра астатус ранаршьоит.