2013 шықәсанӡа иҭыжьу амашьынақәа Қырҭтәылаҟа римпорт иҧкызаауеит
2013 шықәсанӡа иҭыжьу амашьынақәа Қырҭтәылаҟа римпорт иҧкызаауеит

«2013 шықәсанӡа иҭыжьу амашьынқәа Қырҭтәылаҟа римпорт иҧкызаауеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

«Ҳара атәылаҿы амашьынақәа рзы  «Евро-5″ астандарт аларҵәара ҳаӡбеит. Уи инақәыршәаны,  2013 шықәсанӡа иҭыжьу амашьынқәа Қырҭтәылаҟа римпорт иҧкызаауеит.  Амашьына ласқәа рзы ари арегулиациа амч аиуеит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны, автобусқәеи аидаратә машьынақәеи рзы  —  2025 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Ари азҵаара  макьана  ҳалацәажәоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Иара иажәақәа рыла, иарбоу арыцхәқәа индыркны, атәылаҿы  «Евро-5» астандарт иашьашәалам амашьынақәа ашәҟәы рҭаҩра ҟалом.

«Ҳәарада, ари аӡбара атәылашҟа иааргахьоу амашьынақәа ирыдкьыслом, арегулиациа ҿыц рыдкьыслоит ареекспорти атранзити амзызла атәылашҟа иаарго амашьынақәа», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.