Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ишьақәырҕәҕәаз ариашара  инақәыршәаны, аимгәадуреи  ахшараиуреи ирыдҳәалоу аҧсшьаразы  1000  лари ацынхәрас 2000 лари аҧаратә цхыраара шьақәыргылоуп
Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ишьақәырҕәҕәаз ариашара  инақәыршәаны, аимгәадуреи  ахшараиуреи ирыдҳәалоу аҧсшьаразы  1000  лари ацынхәрас 2000 лари аҧаратә цхыраара шьақәыргылоуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала,  аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 11зҵаара ирыхәаҧшит.

Аиҳабыра радминистрациа иаланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун   «Аимгәадуреи  ахшараиуреи ирыдҳәалоу аҧсшьареи, асаби ихылаҧшреи, асаби ҧас ма ҧҳас игареи  ирыдҳәалоу аҧсшьаразы аҧаратә цхыраара ашьақәыргылара иазку» Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект.

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ишьақәырҕәҕәаз ариашара  инақәыршәаны, аимгәадуреи  ахшараиуреи ирыдҳәалоу аҧсшьаразы  1000  лари ацынхәрас 2000 лари аҧаратә цхыраара шьақәыргылоуп.