Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы аӡфымцастанциақәа ҩба рыргылареи рырҿиареи апроект иалацәажәеит
Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы аӡфымцастанциақәа ҩба рыргылареи рырҿиареи апроект иалацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 13 зҵаара ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра ицәырнагаз аӡфымцастанциақәа ҩба рыргылареи рырҿиареи апроект. Зыӡбахәы ҳәоу аӡфымцастанциақәа руакы 11.8 мегаватт амчхара иуеит, уи Они амуниципалитетаҿ идыргылоит, егьи аӡфымцастанциа апроект нарыгӡоит Чхороҵҟу амуниципалитетаҿ, уи  6 мегаваттк амчхара амазаауеит.

Аҩ-станциак рыргылара апроект иаларҵоит 30 миллион адоллар аинвестициа.