Аиҳабыра реилатәараҿ Шови иҟалаз арыцҳара иалаӡыз ауааԥсыра минуҭтәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит
Аиҳабыра реилатәараҿ Шови иҟалаз арыцҳара иалаӡыз ауааԥсыра минуҭтәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит

Аиҳабыра реилатәараҿ Шови иҟалаз арыцҳара иалаӡыз ауааԥсыра минуҭтәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит.

Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Шови иҟалаз арыцҳара иалаӡыз ауааԥсыра рҭаацәарақәеи рыуацәеи даҽазнык дрыдашшылеит.

„Шови иҟалаз арыцҳара иалаӡыз ауааԥсыра рҭаацәарақәеи рыуацәеи, ҳтәыла зегьы даҽазнык срыдашшылоит. Арыцҳара ду ҟалеит. Аминистрцәа срыҳәар сҭахуп  Шови иҟалаз арыцҳара иалаӡыз ауааԥсыра минуҭтәи ҿымҭрала иргәаладыршәарц.

Арыцҳара аныҟала инаркны, аиҳабыра апроцесс ахылаԥшуеит, аиқәырхаҩцәа, ҳфырхацәа аҭыԥ ашҟа идәықәлеит, 210-ҩык ауааԥсыра ишәарҭам аҭыԥ ахь инаган. Амобилизациа рылаҳәан. Аҳақьымцәа аҭыԥ аҿы иҟан.  100 цыра атехника ҷыда амобилизациа азуун. Иракли Қарселаӡе ихала аҭыԥ аҿы апроцесс дахылаԥшуан“, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили