Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 16 зҵаарақәа ирыхәаҧшуит
Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 16 зҵаарақәа ирыхәаҧшуит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аиҳабыра рпресс-маҵзура адыррала, аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз  16 зҵаарақәа ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун Аекономика аминистрра ицәырнагаз аҧшатәи хҧеи аӡытәи хәбеи афымцатә станциақәа рпроектқәа, урҭ рынагӡара ргәы иҭоуп Қырҭтәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҿы, урҭ рыгәҭа  – Самцхе-Џьавахеҭи, Шида Қарҭли, Имереҭи.

Аиҳабыра реилатәараҿы ицәыргаз аенергетикатә проектқәа рымчхара 250 мегаватт еиҳауп, зынӡа арҭ апроектқәа ирыларҵоит  400 миллион адоллар еиҳаны аинвестициа.

Зыӡбахәы ҳәоу афымцатә станциақәа аҧара рылазҵо аинвестор-еилахәырақәа рҟны аиқәшаҳаҭрақәа рыдыркылоит, урҭ рышьаҭала апроектқәа ртехника-економикатә зҵаарақәа рыҭҵаареи аргыларатә усурақәеи иалагоит.