Аҳәынҭқарратә шәарҭадра амаҵзура – Иахьа инаркны, импыҵахалоу Аҧснынтә Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылахь аиасра рылшоит аиҭаҵра азин змоу ауааҧсыра зегьы
Аҳәынҭқарратә шәарҭадра амаҵзура – Иахьа инаркны, импыҵахалоу Аҧснынтә Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылахь аиасра рылшоит аиҭаҵра азин змоу ауааҧсыра зегьы

„Ацәаҳәа ҷыда“ ала аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны,  2021 шықәса ҧхынгәы 5 инаркны, импыҵахалоу Аҧснынтә Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылахь ииасыр рылшоит аиҭаҵра азин змоу ауааҧсыра зегьы,  – Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

„Ампыҵахалатә режим ишьақәдыргылаз азакәандааратә аҧкрақәа аҧыхуп, зыӡбахәы ҳәоу аҧкрақәа инрықәыршәаны, ҧаса, аиҭаҵра азин роур рылшон  иалкаау категориақәак  (зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра, атәынчуаа,  аҭахра ҷыдақәа змоу ауааҧсыра, уб.егь.). Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылахь аиасра ҟалоит акоронавирус иадҳәалоу арегулиациақәа рықәныҟәара  ала“, – иануп аҳәамҭаҿы.