Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура  - Урыстәыла ампыҵахаларатәмчқәа Гори амуниципалитет иаҵанакуа Аӡви ақыҭа ааигәара ԥшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа изакәанымкәа иааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатәмчқәа Гори амуниципалитет иаҵанакуа Аӡви ақыҭа ааигәара ԥшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа изакәанымкәа иааныркылеит

Урыстәыла ампыҵахаларатәмчқәа Гори амуниципалитет иаҵанакуа Аӡви ақыҭа ааигәара ԥшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа изакәанымкәа иааныркылеит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аланарҵәаз аинформациаҿ ишану ала,  Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи иҟалаз афакт иазкны адырра роухьеит, ацәаҳәа ҷыда аус адыруит.

Адырра рыҭоуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа.

“Импыҵахалоу арегионқәеи ампыҵахаларатә цәаҳәа иаԥну аҵакырадгьылқәеи рҿы адеструктивтә ҭагылазаашьазы аҭак зыԥхықәу урыстәылатәи ампыҵахалартә мчқәа роуп. Изакәаным аанкыларақәа рпрактика аҭыԥ аҿы иҟоу ицәгьахаз ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа иацҳа иарцәгьоит,” – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура  аинформациа аҿы.