Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа Қарели иаҵанакуа Двани ақыҭа ааигәара, импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы изакәанымкәа  Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа Қарели иаҵанакуа Двани ақыҭа ааигәара, импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы изакәанымкәа Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа Қарели иаҵанакуа Двани ақыҭа ааигәара, импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы изакәанымкәа Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит, – ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа ала, изакәаным аанкылара иазку адырра анроуз иаразнакҵәҟьа аусура алагеит ацәаҳәа ҷыда.

„Аинцидент иазкны адырра рыҭоуп жәларбжьаратәи апартниорцәеи Женеватәи жәларбжьаратәи дискуссиа ахантәаҩцәеи.

Изакәанымкәа иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаҩ ихақәиҭтәразы амеханизмқәа зегьы рхы иаҳхархәоит.

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы изакәанымкәа Қырҭтәыла атәылауаҩ иаанкыларазы аҭак зыԥхықәу ампыҵахаларатә мчқәа роуп”, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа аҿы.