Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҿкаара "Канваси" ахаҭарнакцәа рганахьала имҩаԥнагаз маӡалатәи аусԥшааратә уснагӡатқәа раан аиуз ашаҳаҭгақәа рыхәҭа цәырнагеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҿкаара "Канваси" ахаҭарнакцәа рганахьала имҩаԥнагаз маӡалатәи аусԥшааратә уснагӡатқәа раан аиуз ашаҳаҭгақәа рыхәҭа цәырнагеит

USAID апрограмма Мрагылара-мраҭашәаратә напхгараҭара аинститут ааԥхьарала цәыббра 25 рзы Қырҭтәыла иаҭааит Сербиа атәылауаа – Синиса Сикмани, Иелена Стоисичи, Слободан Џьоновичи. Арҭ ахаҿқәа 2023 шықәсазы Қырҭтәыла имҩаԥгаз ареволиуциатә уснагӡатәқәа ирыдҳәалоуп, иара убас, Сербиеи, Украинеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҿы еиԥшу апроцессқәа ирыдҳәалан,  – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.

“Аҳәынҭқарра ашәарҭадареи атәылауаа ҭынч рынхашьеи рзы, ауааԥсыра Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аиуз адырра шәыдаагалар ҳҭахуп. Имҩаԥнагаз маӡалатәи аусԥшааратә уснагӡатқәа раан иаарԥшыз адыррақәа рыла, 2023 шықәса цәыббра 25 рзы USAID апрограмма Мрагылара-мраҭашәаратә напхгараҭара аинститут ааԥхьарала Қырҭтәыла иаҭааит Сербиа атәылауаа – Синиса Сикмани, Иелена Стоисичи, Слободан Џьоновичи. Арҭ ахаҿқәа 2023 шықәсазы Қырҭтәыла имҩаԥгаз ареволиуциатә уснагӡатәқәа ирыдҳәалоуп, иара убас, Сербиеи, Украинеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҿы еиԥшу апроцессқәа ирыдҳәалан. Урҭ активла аладырҵәон аиҿагылара ашьақәгылара аметодика. Арҭ ахаҿқәа аиҿкаара “Канвасис” анапхгаратә хаҿқәа роуп, Синиса Сикмани Слободан Џьоковичи аиҿкаара “Отпор” ԥасатәи алахәылацәа роуп, ари аиҿкаара Сербиаҿ ақырҭуа аиҿкаара “Кмара” аналог ауп.

Арҭ ахаҿқәа Қырҭтәыла рвизит хықәкыс амоуп акультуратә хырхарҭаҿ аус зуа аԥхьагылара змоу агәыԥқәа  “астратегиатәи амчыдалатәи ақәԥара” иазку азҵаарақәа рзы атренингқәа рзымҩаԥгара. Аха аусԥшаара аан ишеилкаахаз, Қырҭтәыла рвизит даҽа мзызк аман. Ҷыдала, авизит иреалу хықәкыс аман аҿари авторитет змоу иҳәынҭәарратәым аиҿкаарақәеи рҟны аимадара абжьаҵареи атренингқәа рымҩаԥгареи. Арҭ агәыԥқәа жьҭаара-ԥхынҷкәын азы Қырҭтәыла адеструктивтә уснагӡатәқәа инапхгара зрзырур акәын. Ҳзыхцәажәоу ахаҿқәа 2023 шықәса цәыббра 26-29 рзы қарҭ, асасааирҭа “Ибиси” аҿы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи атәылауаҩратә активистцәеи атренинг рзымҩаԥыргеит.

Адукатцәеи аиҭагаҩцәеи рҽалархәрала, 2023 шықәса  цәыббра 29 рзы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусԥшааҩцәа Синиса Сикмани, Иелена Стоисичи, Слободан Џьоновичи рҿахәы ҿырхит. Урҭ рҿахәы аусԥшаараа еилкааз адыррақәа ирҿагылоит.

Синиса Сикмани, Иелена Стоисичи, Слободан Џьоновичи 2023 шықәса цәыббра 30 рзы Қырҭтәылантә Белградҟа дәықәлеит.

Ишәыдаагалоит Синиса Сикмани, Иелена Стоисичи, Слободан Џьоновичи рганахьала имҩаԥнагаз маӡалатәи аусԥшааратә уснагӡатқәа раан иҳауз ашаҳаҭгақәа рыхәҭа, ” – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.