Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Ахалубани  ақыҭа ааигәара, закәандарала  Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Ахалубани  ақыҭа ааигәара, закәандарала  Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа, импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ,  Ахалубани  ақыҭа ааигәара, закәандарала  Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

Аусбарҭа адыррала, зыӡбахәы ҳәоу аинформациа анроуҵәҟьа, аусура алагеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  «ацәаҳәа ҷыда», уи аусура еиқәнаршәоит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа.

«Закәандарала ауаа раанкылара иазку аинформациа, зыҧшра ҟамҵакәа идәықәҵан Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи  рахь. Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа ирласӡаны рхақәиҭтәразы ахархәара рымоуп уажәазы иҟоу амеханизмқәа зегьы.  Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа адеструктивтә процессқәа зегьы рзы аҭак аҧхықәуп ампыҵахалатә мчы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.