Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа  импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ,  Земо Арцевии Отревии араионаҿ,  хҩык Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа  импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ,  Земо Арцевии Отревии араионаҿ,  хҩык Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылеит

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа  импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ,  Земо Арцевии Отревии араионаҿ,  хҩык Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

Аусбарҭа адыррала, зыӡбахәы ҳәоу аинформациа анроуҵәҟьа,  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  «ацәаҳәа ҷыда» аус анаруит, уи аусура еиқәнаршәоит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа.

«Закәандарала ауаа раанкылара иазку аинформациа, зыҧшра ҟамҵакәа идәықәҵан Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи  рахь. Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа ирласӡаны рхақәиҭтәразы ахархәара рымоуп уажәазы иҟоу амеханизмқәа зегьы.   Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа адеструктивтә процессқәа зегьы рзы аҭак аҧхықәуп ампыҵахалатә мчы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.