Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Аурыс ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Гьаргь Мосиашвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Аурыс ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Гьаргь Мосиашвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп

«Аурыс ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Гьаргь Мосиашвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп», — аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.

«ГьаргьМосиашвили ихақәиҭтәра апроцессаан ахархәара рыман Ацәаҳәа ҷыда амеханизми ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу егьырҭ ахархәагақәеи. Қырҭтәыла ацентртә напхгара, еиҧҟьарада, жәларбжьаратәи апартниорцәа аинформациа рырҭон.

Ацентртә напхгара, жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцырхрааны, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иҭаку Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхақәтҭтәразы активла аусура нарыгӡоит», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.