Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, Душеҭи араион аҿы иаарҧшыз аҧсахга хәҭақәа арратә акәылӡтехника иазкызар  ҟалап
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, Душеҭи араион аҿы иаарҧшыз аҧсахга хәҭақәа арратә акәылӡтехника иазкызар  ҟалап

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәа аҧсахга хәҭақәа ахьышьҭаз аҵәахырҭа рбеит. Заанаҵтиә аинформациала,  арҭ ахәҭақәа  арратә акәылӡтехника иазкызар ҟалап.

Аусбарҭа адыррала, Душеҭи амуниципалитет  анхаҩы арҭ ахәҭақәа иҵәахны иман иҩны агәараҿы игылоу аргыламҭаҿы.

Ахыбра еимырдеит аӡбара ақәҵара ашьаҭала.

Иаарҧшыз атехника аекспертизашҟа идәықәырҵеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусеилыргара мҩаҧнагоит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  236  ахәҭаҷ 3-тәи аcтатиала, амцабџьари, аџьаҧҳани, аҧжәагатә маҭәахәқәеи закәандарала раахәареи рышьҭаҵареи азы.