Аҳәынҭдепартамент -  Қырҭтәыла ихьԥшым аҵакырадгьыл  еиҟәызшаз  Урыстәыла ма уи иаԥнаҵаз амарионеттә режимқәа рҽазышәара алҵшәақәа ЕАШ ахаан иазхарҵом
Аҳәынҭдепартамент - Қырҭтәыла ихьԥшым аҵакырадгьыл еиҟәызшаз Урыстәыла ма уи иаԥнаҵаз амарионеттә режимқәа рҽазышәара алҵшәақәа ЕАШ ахаан иазхарҵом

Қырҭтәыла исуверену территориа аиҟәшаразы Урыстәыла ма уи аԥнаҵаз амарионеттә режимқәа рҽазышәара алҵшәақәа ЕАШ ахаан азхарҵом, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭкарратә департамент апресспикер Нед Праис.

„Ҳара Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа ахәҭақәа рымпыҵахалара ҳаҿагылоит. Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла арегионқәа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рымпыҵахалара аҟәыҵны, 2008 шықәсазы агаз ахыдҵақәа нанагӡарц – ахымца аанкылара, ар ралгара. Де-факто анапхгареи Урыстәыла аофициалтә хаҿқәеи Аахыҵ Уаԥстәыла аԥеиԥш аӡбара зин рымам, ари аҵакырадгьыл Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭоуп. ЕАШ азхарҵом 2014 шықәсазы Урыстәыла имҩаԥнагаз Ҟрым аннексиа, иара убас азхарҵом Донецктәи Лугансктәи жәларр рреспубликақәа, ари Украина асуверену ҵакырадгьыл аиҟәшара аҽазышәара ауп. Иара убас, Қырҭтәыла исуверену территориа аиҟәшаразы Урыстәыла ма уи аԥнаҵаз амарионеттә режимқәа рҽазышәара алҵшәақәа ЕАШ ахаан азхарҵом. Ҳара Қрыҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи ҳрыдгылоит”, – иҳәеит Праис.

„Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиа ала ибзиаӡаны иубарҭоуп, Путин Урыстәыла аҳәаақәа даҽакала шибо. Ари иаҭакны иаҳҳәоит – Украина аганахьала агрессиа гәҭакылатәи, апровоцирра змамыз, зыриашара ҟалом фактуп, жәларбжьаратәи ауаажәларра уи адкылара азалшом. Аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Блинкен уажәы Молдова дыҟоуп. Ҳара Молдовеи Қырҭтәылеи рсуверенитети ртерриториатә акзаареи ҳрыдгылеит. Ақырҭуаа урыстәылатәи агрессиа зеиԥшроу ирбахьеит, ибзиаӡаны иргәаларшәоит урыстәылатәи апровокациақәа. Ҳара ари атәыла ҳадгылоит. Москва ахь ашьҭымҭа ҟаҳҵоит – агәыла иганахьала агрессиа адкылашьа амам, уи азы хымԥада аҭак ҟаҳҵоит,” – иҳәеит Нед Праис..